Рати Брегаӡе  - Михаил Саакашвили амлашьра даҟәыҵыр, аусбарҭа  №12 ашҟа диаргоит
Рати Брегаӡе  - Михаил Саакашвили амлашьра даҟәыҵыр, аусбарҭа  №12 ашҟа диаргоит

Қырҭтәыла аиустициа аминистр  Рати Брегаӡе иҳәамҭала, Михаил Саакашвили амлашьра даҟәыҵыр,  аусбарҭа  №12 ашҟа диаргоит.

«Абаандаҩы Саакашвили идукатцәа аӡбаратә процесс аҿы иқәдыргылаз аҳәара заҵәы Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара иазкын. Страсбургтәи аӡбарҭа ари аҳәара нанамгӡеит. Жәларбжьаратәи аӡбара Саакашвили ибжьаргеит амлашьра даҟәыҵырц. Ҳаргьы, апротокол инақәыршәаны, абри акәын ибжьаагоз. Абри аҭагылазаашьа егьи аганахьала шәахәаҧш. Идгылаҩцәа ишиашо ицо аефир аҿы амлакра наигӡарц ибжьаргоит, мамзар, аполитик иаҳасабала акгьы уаҧсахом ҳәа иарҳәоит. Уи абаандаҩы изы амчылара акәӡами? Ҳара ҳҟынтә абри аҩыза аҳәамҭақәа ма иаҳаҭыр лазырҟәо ажәақәа шәаҳахьома?  Мап – ишәаҳараны шәыҟам, избанзар абаандаҩы цыҧхьаӡа ҳиеиҷаҳауеит.

Иара убас, аминистр ишиҳәаз ала, Саакашвили джьаны №18-тәи аусбарҭашҟа дыргеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Саакашвили ибзиаҵәҟьаны идыруан Глдантәи ахәышәтәратә усбарҭашҟа дшырго – иҳәеит аминистр.