Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан иаанкылаз 5ҩык ауааҧсыра, аҧкратә уснагӡатә ҳасабала, аҭакра рықәырҵеит
Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан иаанкылаз 5ҩык ауааҧсыра, аҧкратә уснагӡатә ҳасабала, аҭакра рықәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵара ала, рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан иаанкылаз 5ҩык ауааҧсыра,  Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы ипҟаразы ахара зду данрылаҵаны,  аҧкратә уснагӡатә ҳасабала, аҭакра рықәырҵеит.

Аӡбаҩ Гизо Убилава апрокуратура аҳәара наигӡеит.

Иахьа Қырҭтәыла апрокуратура, амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылареи, Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы ипҟареи, «Ҭбилиси Праид» аофис мчыла аҩналареи афактқәа рзы ааҩык ахара рыднаҵеит.