Аӡбара, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиашҟа имнеира амашала, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала,  Зураб Џьаҧариӡе  20 000 лари ашас изышьақәныргылеит  
Аӡбара, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиашҟа имнеира амашала, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала,  Зураб Џьаҧариӡе  20 000 лари ашас изышьақәныргылеит  

Қарҭ ақалақьтә аӡбара, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиашҟа амнеира амашала, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала,  Зураб Џьаҧариӡе  20 000 лари ашас изышьақәныргылеит.  Ари ақәҵара лыдылкылеи аӡбаҩ Нана Шамаҭава.

Апрокурор ишиҳәаз ала, Џьаҧариӡе, азакәан иатәамбакәа, аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа дымнеит.

Зураб Џьаҧариӡе иҳәамҭала, иара жьҭааразы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа иазхеиҵом, алегитимациа змам апарламент иарбанзаалак акомиссиа аусура аҽалархәреи ашас ашәареи  игәы иҭам.

Апрокуратура Џьаҧариӡе ахара иднаҵеит Ашьауҕатә закәанеидкыла  349 ахәҭаҷ ала, уи инақәыршәаны,  Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы иазҧхьагәаҭоуп ахараҧса ма шықәсык аҟынӡа аҿҳәарала ахақәиҭра аҧкра.