Аполицаи иқәлара ахарадҵарала иаанкылаз Анзор Кварацхелиа 4 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит
Аполицаи иқәлара ахарадҵарала иаанкылаз Анзор Кварацхелиа 4 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Џьвебе Наҷҟебиа Анзор Кварацхелиа 4 шықәсеи фымзи аҭакра иқәиҵеит.

Аӡбаҩ иара  353 прима ахәҭаҷ ала иазҧхьагәаҭоу ацәгьаура, аполицаи иқәлара ихароуп ҳәа иҧхьаӡеит.

Аӡбаҩ иҳәамҭала, ари ақәҵара иреиҳаӡоу аӡбара астандартәа ирышьашәалоуп.
Анзор Кварацхелиа абҵара-ҧхынҷкәын азы имҩаҧысуаз акциақәа раан аполицаи иқәларазы ахара идырҵеит.