Аӡбарҭа ақәҵарала, Михаила Саакашвили абҵара 7 аус азы, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала,  ахылаҧшра аҵаҟа даанхоит
Аӡбарҭа ақәҵарала, Михаила Саакашвили абҵара 7 аус азы, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала,  ахылаҧшра аҵаҟа даанхоит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵарала,  Михаил Саакашвили,  абҵара  7 аус азы,  аҧкратә уснагӡатә аҳасабала,  ахылаҧшра аҵаҟа аҟазаара изаанрыжьит.

Иахьатәи аилатәараҿы адукатцәа ишырҳәаз ала,  Михаил Саакашвили ари аус азы еилаӡарала аҿҳәара иқәҵара иахәҭамызт. Аҳәынҭқарратә ахарадҵара аҧкратә уснагӡатә ааныжьра иаҳәон.

Аӡбаҩ Нино Елиешвили ишылҳәаз ала, аӡбара,  аҧкратә уснагӡатә аҧсахразы аҿыц ҭагылазаашьақәа амамызт,  убри аҟынтә,  уаанӡатәи аӡыбра имҧсахкәа иаанрыжьит.

Иахьатәи аилатәара абҵара 7 аус иазкын. Михаил Саакашвилии, Давиҭ  Кезерашвилии, Зураб Адеишвилии, Гиги Угулавеи,  Вано Мерабишвилии ахара рыдырҵеит азинмчқәа цәгьашақә рхархәаразы,  лымкаала,  абҵара 7 рзы имҩаҧысуаз амитинг аимырпреи,  ателееилахәыра  «Имеди» мчыла аҩналареи,  апарк Мҭаҵминда аконфискациеи азыҳәан.