Қарҭ закәандарала аиадертә маҭәашьар аахәара аҽазкразы иаанкылаз ҩыџьа Китаи атәылауаа заанаҵтәи абаандаҩтәраҿы иааныжьуп

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵара иашьашәаланы,  Қарҭ закәандарала ҩ-кьылак аиадертә маҭәашьар – уран –  аахәара аҽазкразы иаанкылоу ҩыџьа Китаи атәылауаа заанаҵтәи абаандаҩтәраҿы иааныжьуп.

Иаанкылоу ауаа рхара иазхарҵом. Рдукатцәа дара ақьырала рхақәиҭтәра иаҳәон, аха, рыҳәара нагӡамызт.

Апрокуратура адыррақәа рыла, ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа Қарҭ, закәандарала,  400 000 адоллар ҳәа, арадиациатә маҭәашьар аахәареи, анеҩс, Урыстәыла аҵакырадгьыл ала  Китаиҟа инагареи ргәы иҭан.

Зыӡбахә ҳәоу ацәгьауразы  10 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.