Аӡбара Гьаргь Рамишвили аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала  70 000 ашас ашәара иқәнаҵеит
Аӡбара Гьаргь Рамишвили аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала  70 000 ашас ашәара иқәнаҵеит

Қарҭ Ақалақьтә аӡбара абизнесмен  Гьаргь Рамишвили аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала  70 000 ашас ашәара иқәнаҵеит.

Ари ақәҵара рылалҳәеит аӡбаҩ Нана Шамаҭава.

Апрокуратура, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, абаандаҩтәра иаҳәон.

Адукатцәа аҧскратә усмҩаҧгатә аҳасабала ашас  ашәара иаҳәон.

Аусӡбаратә процессаҿ Рамишвили ихаҭа ишиҳәаз ала, агха ихьит, уи даараӡа дахьхәоит.

„Агха ҟалеит. Сара уи здыруазҭгьы абџьар згомызт. Сандәықәлоз ашәыра абџьар шҭаз зымбеит. Убри аҟынтә, сара абџьар ныҟәызгозшәа исырҭаз аквалификациа ииашам. Апрокурор иҟаиҵаз аҳәара имцхәып ҳәа сгәы иаанагоит. Агха сыхьит, уи дарбанзаалак ихьыр ауеит. Агха ду сыхьит, аха, уи ацәгьаурам, убри аҟынтә, ашас сықәышәҵарц сшәыҳәоит. Сыбналар ҳәа шәшәозар, сыбналаратәы исыхьи. Даараӡа сеилахоуп,  7000ҩык аусуҩцәа сымоуп“,- иҳәеит Рамишвили.

Ари аус азы аӡбараҧхьатәи аилатәара мҩаҧгахоит нанҳәа  30 асааҭ 15:00 рзы.

Гьаргь Рамишвили закәандарала амцабџьар аныҟәгара ихарарҵеит.