Апрокуратура Гьаргь Рамишвили закәандарала амцабџьар аныҟәгаразы ахара иднаҵеит
Апрокуратура Гьаргь Рамишвили закәандарала амцабџьар аныҟәгаразы ахара иднаҵеит

Қырҭтәыла Апрокуратура Гьаргь Рамишвили Қарҭ закәандарала амцабџьар  аныҟәгаразы ахара иднаҵеит.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Апрокуратура аҟынтәи.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагаз аусҧшаара адыррақәа рыла, ҧхынгәы  6 рзы, Қарҭ Жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ  арентген-сканертә агәаҭараан, аҧырра атерминалаҿ, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿы атапанча  WALTHER PPK/S-и, апатронқәеи, аџьаҧҳани идырбалеит, иара абри зегьы закәандарала имҩанигон. Иаанкылоу ахаҿы Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла   236 (4)-тәи ахәҭаҷла ахара идырҵеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 4 инаркны  7 шықәсанӡа ахақәиҭра аҧкра“, — иануп Қырҭәтыла Апрокуратура аинформациаҿы.