Апрокуратура, амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәарала, заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала, Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҧара рацәа аҕьычреи аҕьычра ацхраареи азы хҩык ахара рыднаҵеит
Апрокуратура, амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәарала, заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала, Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҧара рацәа аҕьычреи аҕьычра ацхраареи азы хҩык ахара рыднаҵеит

Қырҭтәыла Апрокуратура, амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәарала, заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала, Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҧара рацәа аҕьычреи аҕьычра ацхраареи азы хҩык ахара рыднаҵеит.

«Антикоррупциатә биуро имҩаҧнагаз аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала,  2023 шықәсазы,  Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр ҧасатәи ихаҭыҧуаҩи Атәылахьчара аминистрра Аахәарақәа рзы адепартамент анапхгаҩи,  иуа гәакьа,  атәылахьчара ҧасатәи аминистр ицхыраарала,  арратә госпиталь азы амагнит-резонанстә томографиа аппарат аахәараан,  хықәкыла аконкуренциадатә лагылазаара аҧиҵеит. Аппарати МРТ-сканери  2 606 272 лари иаҧсан, аха,  зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ацәгьауратә схема рхы иархәаны,  Атәылахьчара аминистррашҟа ари атехника наргеит 3 940 000 лари ҳәа. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьаура амшала Атәылахьчара аминистрра 1 333 728 лари азарал аиуит.

Аусеилыргара инагӡоит амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәарала, заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала, Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҧара рацәа аҕьычреи аҕьычра ацхраареи азы. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 7  шықәса инаркны 11 шықәсанӡа аҭакра», — иануп апрокуратура аинформациаҿы.