Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵарала, Бачо Ахалаиа, заанаҵтәи абаандаҩтәра аҳасабала, абахҭа дҭаркит
Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵарала, Бачо Ахалаиа, заанаҵтәи абаандаҩтәра аҳасабала, абахҭа дҭаркит.
Ари аус азы ақәҵара лыдылкылеит аӡбаҩ Маиа Мелқаӡе. Аӡбаратә аилатәара мҩаҧган иарку арежимаҿ.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр Бачо Ахалаиа дааныркылеит жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы. Ахалаиа агәыҧтә мчылара аиҿкаареи анапхгара азуреи ихарарҵоит, уи азыҳәан иазҧхьагәаҭоуп 9 шықәсанӡа аҭакра.