Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Бачо Ахалаиа дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр Бачо Ахалаиа дааныркылеит.
Уи еилкаахеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, аусеилыргараан еилкаахеит Бачо Ахалаиа жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа аинтернетла анапхгара шриҭоз.
«Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, Бача Ахалаиа, жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа аинтернетла анапхгара риҭон. Иара иоуп Қырҭтәыла абарҭ ахҭысқәа еиҿызкаауаз.
Ҳара инарҭбааны аилыркаарақәа ҟаҳҵар ҳалшоит. Жьҭаара 4 рзы иҟалаз ацәгьауратә хҭысқәа рзы ахара зду ауааҧсыра аинтернетла аимадара рыман, Бачо Ахалаиа иҧҳәыс Анна Надареишвили лыхьӡала ашәҟәы иҭагалоу IP-аҭыӡҭыҧқәа рылагьы, 2025 шықәса цәыббра 28 асааҭ 21:00 инаркны дара иааныркылаанӡа. Лымкаала, зынӡа 343 интернет-сессииқәа мҩаҧган, урҭ рҟынтә: Мурҭаз Зоделава иҟны — 157-нтә, Паата Бурҷулаӡе иҟны — 110-нтә, Паата Манџьҕалаӡе иҟны — 29-нтә, Лаша Бериӡе иҟны — 26-нтә, Иракли Надираӡе иҟны — 21-нтә.
Иара убас, идыру ахҭысқәа реиҿкаара инамаданы, жьҭаара 4 рзы, Марҭаз Зоделава изныкымкәа, Бачо Ахалаиа иҧҳәыс лыхьӡала иҟоу IP-аҭыӡҭыҧ аҟны аинтернет-аимадара иман. Насгьы, реиҿцәажәара руакы анеҩс 4 минуҭк анҵы, адемонстрантцәа Ахақәиҭра ашҭа ахырхарҭала идәықәлеит. Анеҩстәи аинтернет-сессииақәа мҩаҧган асааҭ 17:51-и асааҭ 18:06-и рзы. Ҷыдала иазгәаҭатәуп – жьҭаара 4 рзы Мурҭаз Зоделавеи Анна Надареишвили лыхьӡала иҟоу IP-аҭыӡҭыҧи рыбжьара аимадара мҩаҧган Зоделавеи Паата Бурҷулаӡеи амчыларазы ааҧхьара ҟарҵаанӡа 9 минуҭк шагыз: асааҭ 18:44:11 рзы.
Убри аҽныҵәҟьа, Паата Бурҷулаӡе, Бачо Ахалаиа иҧҳәыс лыхьӡала иҟоу IP-аҭыӡҭыҧ аҟны ҩынтә аинтернет-аимадара иман. Жьҭаара 4 рзы Лаша Бериӡе бжьынтә Бачо Ахалаиа аинтернетла диацәажәеит. Убри аамҭазы Лаша Бериӡе апрезиденттә ахан аҧхьа дгылан, иара Бачо Ахалаиа иҟынтә адҵақәа иоуан.
Ашаҳаҭгақәа рышьаҭала ишьақәырҕәҕәоуп жьҭаара 4 рзы Қырҭтәыла иҟалаз ацәгьауратә хҭысқәа анапхгара шырзиуаз Бачо Ахалаиа. Убри аҟынтә, ҳара Бачо Ахалаиа даанаҳкылеит.
Иара ицны иаанкылаз иҧҳәас Анна Надареишвили доужьҭуп. Наҟ-наҟ, аусеилыргара, лхаҵа иҟаиҵаз ацәгьаураҿы лалахәызаара азҵаара ахәаҧшра нанагӡоит», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.