Апартии «Гирчи» алидер Зураб Џьаҧариӡе абахҭа дҭыҵит.
Џьаҧариӡе ажурналистцәа данарцәажәоз ишиҳаз ала, уаха Русҭавели имҩаду ашҟа днеиуеит.
«Бжьымз абахҭа сҭакын, ажәабжь ҿыцқәа ателевизорла еилыскаауан, убри аҟынтә, уажәы иҟаҵатәу аҳәара сцәыуадаҩуп. Мышқәак сҭахуп, ауаа сырҧылароуп, сырзыӡырҩроуп. Идеиақәак сымоуп, аха, зны, ауаа срацәажәароуп.
Ахарадҵара ҿыц ҳалацәажәозар, уи сара сымацара сакәӡам изызку. Саргьы, Гварамиагьы, Вашаӡеигьы иаартны иҳарҳәоит ҧыҭраамҭак шәхәы шәақәиҭзаауеит, нас шәхала ишәыӡбароуп — ма ҿымҭ шәыҟазароуп ма атәыла шәықәҵроуп ҳәа. Ҳара уи аҟаҵара ҳгәы иҭам. Уаха Русҭавели имҩаду ашҟа снеиуеит.
Ари амҩа егьи иуадаҩзаргьы, ҳара хымҧада аиааира ҳгоит. Қарҭ Ашхабадс изыҟалом, ҳтәыла Урыстәыла анапаҵаҟа иҟалом», — иҳәеит Зураб Џьаҧариӡе.