Акриминалтә дунеи алахәызаареи адгылареи азы ахара зду бжьҩык аҭакра рықәырҵеит
Акриминалтә дунеи алахәызаареи адгылареи азы ахара зду бжьҩык аҭакра рықәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵарала, акриминалтә дунеи алахәызаареи адгылареи азы ахара зду бжьҩык рызынтәгьы аҭакра рықәырҵеит.

Ҩымш раҧхьа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа бжьҩык ааныркылеит. Аоперациа ҷыда мҩаҧган Қарҭи, Қобулеҭии, Русҭавии.   Арҭ ауаа Ҭырқәтәыла 100 нызқь адоллар иаҧсоу амонета ҧаршеиқәа раахәара рхарарҵоит.

Аусеилыргара адыррала, аимак зыбжьалаз ауааҧсыра, ари азҵаара аӡбаразы, аҳәаанырцә инхо  «азакәантә ҕьычцәа» ирыдҵаалт, урҭ дреиун акриминалтә дунеи аҿы еицырдыруа авторитет  Миндиа  Гораӡе –  Миндиа Лавасоҕлы.