Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофисаҿ иҟоу амедицинатә консилиум алахәылацәа Михаил Саакашвили дырбеит
Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофисаҿ иҟоу амедицинатә консилиум алахәылацәа Михаил Саакашвили дырбеит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофисаҿ иҟоу амедицинатә консилиум алахәылацәа аклиника  «Вивамед» иҭоу Михаил Саакашвили дырбеит.

Аневролог Ҭенгиз Ҵулаӡе иҳәамҭала, Саакашвили игәабзиара ҭагылазаашьа есааира еицәахоит.

«Иҭагылазаашьа иаҳа еицәахеит, даараӡа игхеит. Адетальқәа макьана сызрылацәажәом, избанзар ҳгәаанагарақәа еибыҳәаны, азеиҧш аихшьаала ҟаҳҵароуп.  Аха, иахьазы ишәасҳәар исылшо акоуп, иахьатәи иҭагылазаашьа ҧхынҷкәын 4 рзы иаабаз аҭагылазаашьа аасҭа акырӡа еицәоуп.  Апациент игәы хынҳәуеит,  афатәаалыҵ аиҳара зидикылом, иифо маҷуп, аха, уезгьы, ихы хынҳәуеит, ҳәарада, хәыҷык ифоит акәымзар, иахьанӡа дзааиуамызт», — иҳәеит Ҭенгиз Ҵулаӡе.