Қырҭтәыла ахада Украинахь ддәықәлоит
Қырҭтәыла ахада Украинахь ддәықәлоит

Рашәара 23 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украинахь ддәықәлоит. Ари атәы аарыцҳаит ахада ладминистрациа аҟынтә.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада  Украина ахада диԥылоит. Аиԥылара ишиашоу аформати ирҭбаау аформати рыла мҩаԥгахоит.

Киев имҩаԥысуеит аиԥылара Украина Аԥыза-министр Денис Шмигали Украина амилаҭтә Рада ахантәаҩы Дмитри Разумкови рҟны.

Қырҭтәыла ахада илыцу аделегациа иалоуп ахада ладминистрациеи, азакәанԥҵаратәии анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа.