Қырҭтәыла ахада лхан Украина абираҟ аԥштәқәа рыла ирлашоуп
Қырҭтәыла ахада лхан Украина абираҟ аԥштәқәа рыла ирлашоуп

Украина адгылара аҳасаб ала, Орбелиани ихан Украина абираҟ аԥштәқәа рыла ирлашан, Урыстәылеи Украинеи реибашьра атемала иаԥҵоу асахьаҭыхҩы Леван Сонӷулашвили иҭыхымҭа – Noli Me Tangere/ суламкьысын – ицәырган.

„ Украина ицо аибашьра иалагеижьҭеи шықәсык ҵит. Ари амш инамаданы амонументтә сахьаҭыхымҭа ацәыргара иазку Қырҭтәыла ахада лыӡбара Пикассо “и-Герника” (Guernica) иадҳәалоуп, усҟан 1937 шықәсазы Париж имҩаԥгаз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿ Пикассо иҭыхымҭа мацара “Герника” аибашьраҿ иҟалаз ауаа ртрагедиақәа аанарԥшуан”, -иазгәаҭоуп ахада ладминистрациа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.