Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаразы аҽазыҟаҵараан, иара убас,  лаҵара  26 рзы аҳҭнықалақьаҿ атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәа ҟалоит
Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаразы аҽазыҟаҵараан, иара убас,  лаҵара  26 рзы аҳҭнықалақьаҿ атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәа ҟалоит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаразы аҽазыҟаҵараан, иара убас,  лаҵара  26 рзы аҳҭнықалақьаҿ атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәак ҟалоит.

«Ишәҳардырыр ҳҭахуп  Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаразы аҽазыҟаҵараан, иара убас,  лаҵара  26 рзы аҳҭнықалақьаҿ атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәак шыҟало.

Лаҵара 23  асааҭ  00:00 инаркны Ахақәиҭра ашҭеи, Русҭавели имҩадуи, Раҧхьатәи ареспублика ашҭеи рҿы автотранспорт аныҟәара аанкылазаауеит. Амашьынақәа аныҟәара рылшоит Бараҭашвилии Ҭабукашвилии рымҩақәа рыла, Мераб Костава имҩа ахырхарҭала.

Апатрультә полициа адепартамент аусзуҩцәа атранспорт аиҭаҵра еиҿыркаауеит. Иаҭаххар, дара арныҟәцаҩцәа альтернативтә маршрутқәа ирызкны аинформациа рырҭоит. Лаҵара  27 инаркны автотранспорт абжьааҧнытә режимаҿ аиҭаҵра нанагӡоит», — иануп аинформациаҿы.