Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәаразы аусеилыргара иалагеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 240 ахәҭаҷ ахҧатәи ахәҭала
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәаразы аусеилыргара иалагеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 240 ахәҭаҷ ахҧатәи ахәҭала

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Боҷорма амҩаҿ иҟалаз аҧжәаразы аусеилыргара иалагеит  Ашьауҕатә закәанеидкыла 240 ахәҭаҷ ахҧатәи ахәҭала, ауаҩы иҧсра зхылҵыз ашәарҭадара анормақә реилагаразы.

Аҭыҧаҿыҵәқьа иҭахеит ҩыџьа, ҧшьҩык аахақәа роуит, анеҩс, руаӡәы ахәышәтәырҭаҿ дыҧсит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҧжәара зыхҟьаз аилкааразы аусеилыргара мҩаҧнагоит.

Иҭахаз дреиуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ. Аахақәа зауз ҩыџьагьы аминистрра аусзуҩцәа роуп, аӡәы  — ахысырҭа аусзуҩ.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҭахаз ауаа руацәа ирыдашшылоит», —  иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.