Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа цәыббра 8-9 рзы Мелиқьишвили имҩадуаҿ иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы хҩык ааныркылеит
Цәыббра 8-9 рзы Қарҭ, Мелиқьишвили имҩадуаҿ иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы иалагаз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, азинхьчаҩцәа хҩык ааныркылеит. Дара гәыҧҩык рыла амчылареи амал аҧхасҭатәреи рхарарҵоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абарҭ афактқәа ирыдҳәалоу ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит аусеилыргара иацхраарц, ааҧхьара роур Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу аҟәшахьы инеирц.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азинеилагара иалахәыз егьырҭ ауааҧсыра раарҧшреи аҭакҧхықәра рыдҵареи амзызла аинтенсивтә аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа нанагӡоит. Азинхьчаратә органқәа азакәан аилагара афакт цыҧхьаӡа иашьашәалоу азинтә ақәҿыҭра арҭоит», – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.