Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаатә пункт  «Дариали» аҿы иҟоу ауааҧсыра ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаатә пункт  «Дариали» аҿы иҟоу ауааҧсыра ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаатә пункт  «Дариали» аҿы иҟоу ауааҧсыра ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәааҿы, лымкаала аҳәаатә пункт «Дариали» аҿы  афактқәа рацәа аарҧшуп Урыстәыла аган аҟынтә иаауа ауааҧсыра, украинаа ҳәауп ҳәа иҳәаны,  адокумент ҧаршеиқәа рыла Қырҭтәыла аҳәаа ахысра рҽаназыркуа. Уажәазы аҳәааҿы иҟоу  80ҩык ахаҿқәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа ахысразы ишьақәыргылоу акритериқәа ирышьашәалам.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  иашьашәалоу аорганқәа уажәазы анеитралтә зонаҿы иҟоу ауааҧсыра иаамҭаны рыҧсадгьылахь рырхынҳәразы иахәҭоу аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит.

«Ақырҭуа аган украинатәи аган ирыдаргалеит анеитралтә зонаҿы иҟоу ауааҧсыра шәарҭада ревакуациазы иакымкәа авариантқәа.  Украинатәи аган макьана аӡбара рыдрымкылацт. Активла аконсультациақәа мҩаҧысуеит. Украинатәи аган аоперативла аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.