Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкыла инақәыршәаны,  Русҭавели имҩаду аркразы 14ҩык аанкылоуп
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкыла инақәыршәаны,  Русҭавели имҩаду аркразы 14ҩык аанкылоуп

Иахьа Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа,  Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкыла инақәыршәаны,  Русҭавели имҩаду аркразы 14ҩык ааныркылеит, иара убас,  даҽа 13ҩык ирҿагыланы административтә аусмҩаҧгара иалагеит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, акциа алахәылацәа   «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәан еиларгеит, ари азакәан инақәыршәаны, аусмҩаҧгатә алахәылацәа рацәамзар, ахымҧадара иҟамзар, амҩаду аркра ҟалом.

Убри адагьы, адемонстрантцәа асабрадақәа рҿан, уигьы азакәан аилагароуп.

«Иаарҧшу  27ҩык азинеилагаҩцәа рҟынтә  14ҩык аанкылоуп, егьырҭ 13ҩык ирҿагыланы административтә усмҩаҧгара иалагеит», — иҳәеит Алеқсандр  Дарахвелиӡе.