Қырҭтәыла апенитенциартә усбарҭа  - Апенитенциатә усбарҭа  Михаил Саакашвили ашҳам ирҭазар ҟалап ҳәа идукат иалаирҵәаз аинформациа зыршаҳаҭуа аофициалтә аихшьаала амоуит
Қырҭтәыла апенитенциартә усбарҭа  - Апенитенциатә усбарҭа  Михаил Саакашвили ашҳам ирҭазар ҟалап ҳәа идукат иалаирҵәаз аинформациа зыршаҳаҭуа аофициалтә аихшьаала амоуит

Қырҭтәыла апенитенциартә усбарҭа  иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала,  Михаил Саакашвили ашҳам ирҭазар ҟалап  ҳәа идукат иалаирҵәаз аинформациа зыршаҳаҭуа аофициалтә аихшьаала  апенитенциатә усбарҭашҟа аӡәгьы инаимгеит.

«Зус ӡбоу Саакашвили аҳақьымцәа рхылаҧшра аҵаҟа дыҟоуп, иара  ахәышәтәырҭа дҭоуп,  иашьашәалоу амедицинатә гәаҭарақәа изымҩаҧыргоит.

Ажәлар ииашам аинформациа рыҭара аҽацәыхьчара амзызла, ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара  ҟаҳҵоит цқьа игәаҭам, иҵаҵгәыркым аинформациа  аладмырҵәарц», — иануп аҳәамҭаҿы.