Қырҭтәыла анапхгара OSCE/ODIHR жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рахь ааҧхьара рырҭеит  
Қырҭтәыла анапхгара OSCE/ODIHR жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рахь ааҧхьара рырҭеит  

Қырҭтәыла анапхгара жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рыцклаҧшразы OSCE/ODIHR анаҧшцәа ааҧхьара рырҭеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ари атәы ааицҳаит иахьатәи абрифинг аҿы.

«Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы ҳара изныкымкәа аргама иаҳҳәеит арадикалтә оппозициеи аҳәаанырцәтәи рыдгылаҩцәеи  2024  шықәсатәи алхрақәа ирыдҳәаланы  OSCE/ODIHR ицәырнагаз  аҳасабырба пату ишақәырҵо шьақәдырҕәҕәар, ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа, ари аиҿкаара анаҧшцәа ааҧхьара шраҳҭо.

Шәара ибзианы ишәгәалашәоит зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба амшала арадикалтә оппозициеи аҳәаанырцәтәи рыдгылаҩцәеи изныкымкәа OSCE/ODIHR гәыбҕан шарҭахьоу. Европатәи, иара убас, ҧасатәи америкатәи абиурократцәагьы  OSCE/ODIHR  аҳасабырба ишакәым ала иазныҟәон.

Рыцҳарас иҟалаз, уажәазы европатәи абиурократиа абри аҩыза ахаҿсахьа амоуп. Алхрақәа рҿы дара рфаворит, Қырҭтәылаҿ – аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» аиааира агар, убасҟан мацароуп дара азини адемократиеи ианазхарҵо. Ҽакала иҟалар, адемократиеи ажәлар рҭаххареи агрессиала иажәылоит,  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа раан уи лабҿаба иубарҭан.  Европатәи абиурократцәа иахьазы ирымоу азнеишьа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, сынтәа  OSCE/ODIHR амиссиа иаҳа ирҕәҕәаны иақәыҕәҕәоит. Убри аҟынтә, ари амиссиа Қырҭтәылаҟа ианааҳаҧхьо, ибзиаӡаны еилаҳкаауеит  OSCE/ODIHR ауадаҩрақәа ишҭаҳаргыло.

Аха, абри зегьы иахьыҧшымкәа, арадикалтә оппозициеи аҳәаанырцәтәи рыдгылаҩцәеи ҳара иҟаҳҵаз ааҧхьара иатәамбакәа, OSCE/ODIHR ҵыҧхтәи аихшьаала пату шақәрымҵазгьы, ҳара ахаланапхгаратә алхрақәа рыцклаҧшразы  OSCE/ODIHR  анаҧшцәа рмиссиа ааҧхьара раҳҭарц ҳаӡбеит, OSCE/ODIHR ашҟа иашьашәалоу ашәҟәы дәықәаҳҵахьеит.

Ақәыҕәҕәара ҕәҕәа шыҟазгьы, раҳаҭыр шыладырҟәозгьы,  OSCE/ODIHR  Қырҭтәылаҟа анаҧшцәа рмиссиа аанашьҭып ҳәа ҳгәыҕуеит. Қырҭтәыла анапхгара ишьақәдырҕәҕәоит OSCE/ODIHR  амиссиа ишахәҭоу еиҧш алхрақәа рыцлаҧшра алшарц азыҳәан, ишаҧу еиҧш, аҭагылазаашьақәа зегьы шеиқәдыршәо», — иҳәеит  Кобахиӡе.