Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада — Алхыҩцәа рсиақәа рыриашаразы арзаҳалқәа ралаҵара ҟалоит цәыббра 16-нӡа
Уажәазы атәыла зехьынџьара иаартуп 3051 алхырҭақәа. Иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы аалыцҳаит Алхратә комиссиа хада аофициалтә хаҭарнак Наҭиа Иоселиани.
Лара ишылҳәаз ала, алхратә комиссиа жьҭаара 4 рзы имҩаҧысраны иҟоу амуниципалтә алхрақәа рзы активла аҽазыҟаҵара иаҿуп.
«Алхыҩцәа рсиақәа рыриашаразы арзаҳалқәа ралаҵара ҟалоит цәыббра 16-нӡа. Алхыҩцәа зегьы, ҧырхагак рымамкәа, абжьыҭира рылшарц азыҳәан, алхратә комиссиа даҽазнык ирыҳәоит рхатә дыррақәа еиҭагәаҭаны, дара ралхырҭа ахьыҟоу цқьа еилыркаарц.
Амилаҭтә аиҵарақәа еилаҵәаны иахьынхо арегионқәа рҿы алхыҩцәа рхатә дыррақәа гәарҭар рылшоит Алхратә комиссиа хада асаит аҿы, азербаиџьан бызшәалеи ашәамахь бызшәалеи.
Агәабзиара аҭагылазаашьа амшала алхырҭашҟа иззымнеиуа ауааҧсыра, цәыббра 23 иахымгакәа, араионтә алхратә комиссиа иадҵаалароуп иеиҭаҵуа аурна аҩныҟа ирызнаргарц азыҳәан», — илҳәеит Иоселиани.