Алхратә комиссиа хада алхрақәа зхы рылазырхәо апартиақәеи аинициативатә гәыҧқәеи рзы ақалақьқәа рхадацәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рықәыргылара аҧҟарақәа ирыдҳәаланы аилкаақәа ҟанаҵоит
Алхратә комиссиа хада алхрақәа зхы рылазырхәо апартиақәеи аинициативатә гәыҧқәеи рзы ақалақьқәа рхадацәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рықәыргылара аҧҟарақәа ирыдҳәаланы аилкаақәа ҟанаҵоит.
Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, алхратә азакәанҧҵара инақәыршәаны, амуниципалтә органқәа рахь алхрақәа рҽалархәразы арегистрациа иахысыз апартиа амуниципалитет цыҧхьаӡазы ахада иҭыҧаз аӡәаӡәа акандидатцәа рықәыргылара азин амоуп, аинициативатә гәыҧ кандидат заҵәык иқәыргылара алшоит.
„Арегистрациа иахысыз апартиа ахада иҭыҧаз акандидат ашәҟәы иҭагаларазы, иашьашәалоу аокругтә комиссиа адокументқәа аланаҵароуп, Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидат иқәыргыларазы адокументқәа арҭароуп Алхратә комиссиа хадаҿы. Акандидат ирегитсрациазы адокументқәа цәыргазароуп цәыббра 4-нӡа. Аинициативтә гәыҧқәа адокументқәа раҭаразы аҿҳәара рымоуп нанҳәа 18-нӡа.
Адокументқәа ирыцзароуп ахада иҭыҧаз акандидат ила ихарҭәаау, инапы зҵаҩу арзаҳал иара дызлоу апартиа иазкны.
Алхыҩцәа ринициативатә гәыҧ акандидат ашәҟәы иҭагаларазы, алхыҩцәа ринициативатә гәыҧ ахаҭарнак, нанҳәа 25-нӡа, иашьашәалоу алхратә комиссиаҿы ицәыригароуп ахада иҭыҧаз акандидат идгыло алхыҩцәа рсиа. Алхратә округқәа инрықәырәшаны, алхыҩцәа рминималтә хыҧхьаӡара ҳәаақәҵоуп 2025 шықәса нанҳәа 5 рзы Алхратә комиссиа хада иҟанаҵаз адҵа №113/2025 ала“, – иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.