Алхратә комиссиа хада жьҭаара 4 рзы имҩаҧгаз аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа  реихшьаала ҟанаҵеит
Алхратә комиссиа хада жьҭаара 4 рзы имҩаҧгаз аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа  реихшьаала ҟанаҵеит

Алхратә комиссиа хада жьҭаара 4 рзы имҩаҧгаз аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рылҵшәақәа  реихшьаала ҟанаҵеит.

Алҵшәақәа инрықәыршәаны, Қарҭ ахадас далхын  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә акандидат Каха Калаӡе, иара  71,627% абыжьқәа иоуит.

Алхратә комиссиа хада иахьатәи илатәараҿы Қарҭтәи Сакребуло ахь алхрақәа рылҵшәақәагьы реихшьаала ҟаҵан. Аихшьаалатә протокол инақәыршәаны, абжьыҭира рҽаладырхәит  325 061ҩык. Қарҭтәи Сакребуло амандатқәа абас еизшоуп: «Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» – 1 мандатк, «Қырҭтәыла ҕәҕәа-Лело» – 2 мандатк, «Гирчи» – 2 мандатк, «Ақырҭуа гәахәтәы» – 20 мандатқәа. Амажоритартә системала имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Қарҭтәи Сакребуло аҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы»   25 мандатқәа аиуит.

Азакәан инақәыршәаны, ҿыц иалху ахадацәеи Сакребуло алахәылацәеи рзинмчқәа иалагоит жьҭаара  29 рзы.