Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла,  асааҭ  12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 17,15% алхыҩцәа  
Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла,  асааҭ  12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 17,15% алхыҩцәа  

 

Асааҭ  12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 17,15% алхыҩцәа.

Ари аинформациа аладырҵәеит Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ  Наҭиа  Иоселиани ишылҳәаз ала,  зегьы реиҳа активра ҳаракуп Раҷа-Лечхуми  Ҵаҟатәи Шәантәылеи арегионқәа рҿы.

«Ишәҳардырыр ҳҭахуп асааҭ  12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала алхырҭақәа рахь ишнеихьоу  602 445 ҩык  (17,15%) алхыҩцәа. Зегьы реиҳа активра ҳаракуп  Раҷа-Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи арегионқәа рҿы», — илҳәеит Иоселиани.