Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы алхыҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит уаҵәы аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рахь инеирц
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили иҳәамҭала, уаҵәы, жьҭаара 4 рзы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа раан, атәыла зехьынџьара атәылауаа иалырхуеит 64 сакребуло рахь 2 058ҩык адепутатцәеи, иара убас, 64 ақалақьқәа рхадацәеи.
Алхрақәа ирыцклаҧшуеит 28ҩык жәларбжьаратәи 27ҩык аҭыҧантәии анаҧшратә аиҿкаарақәа, ари апроцесс иҭырхуеит 73 амассатә информациатә хархәагақәа рҟынтә зқьҩык раҟара ажурналистцәа.
«Атәыла зехьынџьара иаартуп 3 061 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 2 284 алхырҭақәа рҿы абжьыҭира мҩаҧгахоит аелектронтә формала, 777 алхырҭақәа рҿы атрадициатә ҧҟарала.
Жьҭаара 4 рзы аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рзы абжьыҭира рҽаладырхәоит 3 513 818ҩык алхыҩцәа», — иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.
Каландаришвили иажәақәа рыла, алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа еилкаахоит алхырҭақәа андырклак 1-2 сааҭ рышьҭахь.