Гьаргь Каландаришвили — Ҳгәы ишаанаго ала, заанаҵтәи алҵшәақәа цәыргахоит абжьыҭира ахыркәшара анеҩс 1 – 2 сааҭк рышьҭахь
«Ҳгәы ишаанаго ала, заанаҵтәи алҵшәақәа цәыргахоит абжьыҭира ахыркәшара анеҩс 1 – 2 сааҭк рышьҭахь», — иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили Қырҭтәыла Актәи аканал аефираҿ.
Иара иҳамҭала, ари апроцесс аконкреттә процедурақәа ирыдҳәалоуп.
«Алҵшәақәа сааҭк иалагӡаны иҳаур, ҳәарада, ҳаргьы ирласны заанаҵтәи алҵшәақәа цәыраагоит. Аха, уи атрадициатә процедурақәагьы ирхьыҧшуп. Ҳгәы ишаанаго ала, заанаҵтәи алҵшәақәа цәыргахоит абжьыҭира ахыркәшара анеҩс 1 – 2 сааҭк рышьҭахь», – иҳәеит Каландаришвили.