Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хадеи реиҧылараҿы алхрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит
Алхратә комиссиа хадаҿы ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Феридун Синирлиоҕлу иҧылеит.
Алхратә комиссиа хада апрессмаҵзура адыррақәа рыла, акомиссиа ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Барамиӡеи ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хадеи аделегациа алахәылацәеи инарҭбаау аинформациа рырҭеит ҵыҧхтәи алхрақәеи жьҭаара 4 рзы имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵаратә процесси ирызкны.
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәеи аелектронтә технологиақәа раларҵәареи далацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа апарлемнттә алхарақәа раан иҟаз апроблемақәеи алхратә комиссиа наҟ-наҟтәи апланқәеи ирзааҭгылеит.