Феридун Синирлиоҕлу – Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирызку ОБСЕ аҳасабырбаҿы еилыкка иазгәаҭоуп агхақәак шыҟазгьы, урҭ рылҵшәақәа алхыҩцәа рҭаххара шаадырҧшыз
«Апарламентаҿ 40 наӡынатәи ахаҭарнакра умазар, аха, ухы иаумырхәозар, – уи уалызхыз ауаа ииашамкәа рызныҟәароуп иаанаго. Қырҭтәыла ҳаналацәажәо ари азҵаара цқьа иҭаҳҵаароуп», — иҳәеит ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Феридун Синирлиоҕлу Португалиа имҩаҧгаз ОБСЕ Апарламеттә Ассамблеиа есышықәсатәи аусмҩаҧгатә аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирызку аҳасабырбаҿы еилыкка иазгәаҭоуп агхақәак шыҟазгьы, урҭ рылҵшәақәа алхыҩцәа рҭаххара шаадырҧшыз.
«Аоппозициаа арҭ алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵом, Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирызку аҳасабырбаҿы еилыкка иазгәаҭоуп агхақәак шыҟазгьы, урҭ рылҵшәақәа алхыҩцәа рҭаххара шаадырҧшыз. Қырҭтәыла апарламентаҿ аоппозициаа 150 амандатқәа рҟынтә 61 рымоуп, ҽакала иаҳҳәозар, 40% еиҳаны ирымоуп, аха, уезгьы, абикот ҟарҵоит. Адемократиаан угәаанагара аарҧшразы атәылауаҩратә қәыҧшылара умазароуп, аха, ажәлар иалырхыз аорган – апарламент еффективла ахархәарагьы аҵакы ду амоуп. Апарламентаҿ 40 наӡынатәи ахаҭарнакра умазар, аха, ухы иаумырхәозар, – уи уалызхыз ауаа ииашамкәа рызныҟәароуп иаанаго. Қырҭтәыла ҳаналацәажәо ари азҵаара цқьа иҭаҳҵаароуп», — иҳәеит ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Феридун Синирлиоҕлу.
Иара убас, Синирлиоҕлу ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҳаналацәажәо, ари атәыла хәҭак импыҵахаланы ишыҟоу ҳхамшҭроуп.
«Қырҭтәыла де-фактогьы де-иурегьы аибашьра ишҭагыло ҳхамшҭроуп. Атәыла аҵакырадгьылқәа импыҵахалоуп. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҳаналацәажәо, уи хымҧада иазҧхьагәаҳҭароуп», — иҳәеит Феридун Синирлиоҕлу.