Алхратә комиссиа хада – Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рзы инеизакны асиа иануп 3 513 818ҩык алхыҩцәа
Алхратә администрациа алхыҩцәа рсиа аус адулара хдыркәшеит. Убри инамаданы, иахьа, Алхратә комиссиа хада апресспикер Наҭиа Иоселиани абрифинг мҩаҧылгеит.
Иоселиани ишылҳәаз ала, алхыҩцәа рсиа еиқәдыршәоит еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҟынтә ироуа адыррақәа рышьаҭала.
„Административтә органқәа зегьы ари апроцессаҿ аусеицуразы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иара убас, алхыҩцәа иаадырҧшуа активразы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит.
Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рзы зынӡа асиа иануп 3 513 818ҩык алхыҩцәа. Аелектронтә технологиақәа рхархәарала абжьыҭира рҽаладырхәоит 3 130 348ҩык алхыҩцәа. Раҧхьаӡа акәны сынтәа абжьыҭира рҽаладырхәоит 47 000ҩык аҿар.
Атәыла зехьынџьара раатруп 3 061 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 2 284 алхырҭақәа рҿы абжьыҭира мҩаҧгахоит аелектронтә хархәагақәа рыла, 777 алхырҭақәа рҿы атрадициатә ҧҟарала.
Ауааҧсыра зегьы ириашоу асиақәа рбар рылшоит Алхратә комиссиа хада аофициалтә вебдаҟьаҿы“, – илҳәеит Наҭиа Иоселиани.