Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла,  асааҭ  10:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 7,85% алхыҩцәа, зегьы реиҳа активра ҳаракуп Раҷа-Лечхуми арегионаҿ

Асааҭ  10:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 7,85% алхыҩцәа. Ари аинформациа аладырҵәеит Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ  Наҭиа  Иоселиани ишылҳәаз ала,  зегьы реиҳа активра ҳаракуп Раҷа-Лечхуми арегионаҿ.

«Ишәҳардырыр ҳҭахуп асааҭ  10:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала алхырҭақәа рахь ишнеихьоу  275 948ҩык  (7,85%) алхыҩцәа. Зегьы реиҳа активра ҳаракуп  Раҷа-Лечхуми арегионаҿ», — илҳәеит Иоселиани.