Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ҳара импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа алхрақәа ҳрықәыӡбоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ҳара импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа алхрақәа ҳрықәыӡбоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра импыҵахалоу  Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаҧстәыла  мшаҧы  10 рзы имҩаҧысуа «апрезиденттә алхрақәа» ирықәыӡбоит,  — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу азакәандаратә акт ала Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи  аҵакырадгьылтә акзаареи иаҿагыло даҽа шьаҿак ҟанаҵеит, уи жәларбжьаратәи зини анормақәеи реилагароуп.

«Абри аҩыза апровокациатә шьаҿақәа қырҭтәылатәи арегионқәа закәандарала рымпыҵахалареи ақырҭуа уааҧсыра рзы аетникатә рыцқьареи азакәантәра иазкуп.

Қырҭтәылатәи 2 регионк Урыстәыла ала импыҵахаланы ианыҟоу аамҭазы имҩаҧгоу алхрақәа изакәызаалак аиуристтә алҵшәа роуам. Иара убасҵәҟьа, изакәызаалак аиуристтә алҵшәа аиуам Урыстәылатәи афедерациа адларазы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ареферендумгьы, избанзар, уигьы аннексиахь зхы рхоу даҽа шьаҿак акәхоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳаҭыр ақәҵареи, ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа рынагӡареи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рхьыҧшымра иазку азакәандаратә аӡбара аҧыхреи азы.

Жәларбжьаратәи аиҩызара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еилазго Урыстәылатәи афедерациа азакәандаратә ауранагӡара иахәҭоу ахәшьареи ақәҿыҭреи арҭарц», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.