Қырҭтәыла Ҭырқәтәылеи, Швеицариатәи аконфедерациеи, Кубеи рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа амоуп
Қырҭтәыла Ҭырқәтәылеи, Швеицариатәи аконфедерациеи, Кубеи рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа амоуп

Қырҭтәыла Ҭырқәтәылеи, Швеицариатәи аконфедерациеи, Кубеи рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа амоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Арчил Каландиа. Иара  2005 шықәса инаркны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылоит.  2018 – 2023 шықәсқәа рзы Китаитәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Зымч наӡоу  ацҳаражәҳәаҩ ҷыда идипломатиатә ранг ианашьоуп.

Швеицариатәи аконфедерациаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Шоҭа Геҵаӡе. Иара аӡбаратә системаҿы аусура аҧышәа ду имоуп.  2015 шықәса инаркны иахьанӡа Ахҵәацәа русқәа рзы жәларбжьаратәи аӡбаҩцәа рассоциациа далахәып.

Куба ареспубликаҿы Қырҭтәыла дахаҭарнакхоит Григол Барамиӡе. Ҧаса иара Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Зымч наӡоу ацҳаражәҳәаҩ ҷыда идипломатиатә ранг ианашьоуп.