Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе АИХ ахаҭарнакцәа идирдырит Қарҭ ахадара аҧшьы ҿыц Fix Tbilisi афункциақәеи алшарақәеи.
Амуниципалитети атәылауааи рыбжьара аимадара ҷыда аҳасабала иаҧҵаз аҧшьы Fix Tbilisi аҳҭнықалақьаҿ аинфраструктура аҧхасҭахара иазкны амуниципалитет адырра аҭара иазкуп.
Дарбанызаалак атәылауаҩ, аҧхасҭа афотоҭыхымҭа ҟаҵаны, аҭыӡҭыҧ арбаны, дахцәажәар илшоит. Ари аинформациа, автоматла, иашьашәалоу ақалақьтә маҵзурашҟа инеиуеит, дара зыҧшра ҟамҵакәа аҧхасҭа арҽеира иалагоит. Адырра ҟазҵаз атәылауаҩ ари апроблема аӡбашьа иазкны инарҭабаау аинформациа иоуеит.
Аҧшьы Fix Tbilisi ахҩылаара ҟалоит Google Play Store ма App Store аҿы.