Қарҭ аадыртит Агәабзиарахьчара аминистрра асервис-центр
Қарҭ аадыртит Агәабзиарахьчара аминистрра асервис-центр

«Қырҭтәыла атәылауаа амедицианатәи асоциалтәи маҵзура роур рылшоит  «ҧеџьырк» апринципла», — иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.

Қарҭ иаадыртыз  Агәабзиарахьчара аминистрра асервис-центр аҿы атәылауаа, қәыҧшыларак аҿы,  асоциалтәи агәабзиарахьчаратәи маҵзуреи,  иара убас,  ауаа рыла ахәаахәҭра иалаӡыз ауааҧсыра реиҷаҳареи рыцхраареи иазку акомплекстә маҵзура роуеит.

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр  Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, атәыла зехьынџьара аадыртуеит   «ҧенџьырк» апринципла аус зуа 15 асервис-центрқәа.