Петер Фишер - Ақырҭуаа шәоуп изыӡбаша изакәытә ҳәынҭқарроу ишәҭаху, аха, Евроеидгыла шәалалар шәҭахызар, зхы иақәиҭу аплиуралисттә медиа шәымазароуп
Қырҭтәыла, 2023 шықәса ҧхынҷкәын инаркны Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус амоуп, уи Евроеидгыла ишәанаҭар зылшоз здаҟам ҳамҭоуп, аха, ҵыҧх, рашәара инаркны, ари азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәылаҟны аиҿцәажәарақәа аанкылоуп, избанзар атәыла Евроеидгыла иацәыхарахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер.
„Шәара уажәгьы акандидат астатус шәымоуп, аха, уажәы ари апроцесс аанкылоуп. Зхы иақәиҭу аплиуралисттә журналистика адемократиа иашьаҭоуп. Ақырҭуаа шәоуп изыӡбаша изакәытә ҳәынҭқарроу ишәҭаху, аха, Евроеидгыла шәалалар шәҭахызар, зхы иақәиҭу аплиуралисттә медиа шәымазароуп. Уи шәзыҟамҵар, Евроеидгыла шәзалалом. Убри аҟынтә, ари азҵаара иазку академиатә аҳасабырба аинатерес ду аҵоуп“, – иҳәеит Фишер.
Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ асанкциақәагьы ирызкны иазҵааит.
„Қырҭтәыла имҩаҧысуа акциақәа рылахәылацәа рзинқәа реилагаразы аҭак зыҧхықәу ауаа асанкциақәа рзышьақәҳаргылеит. Ҳара хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара иазку азакәан ҳамоуп, убри аҟынтә, аинформациа аргаматәра азин ҳамам“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.