Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Петера Фишер аконсультациақәа рзы иҧхьеит
Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер аконсультациақәа рзы иҧхьеит анеҩстәи ашьаҿақәа рҳәаақәҵаразы.
Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, ари аӡбара идикылеит аминистр Иоҳан Вадефуль.
«Қырҭтәыла анапхгара мызқәак ирылагӡаны Евроеидгылеи, Германтәылеи, насгьы, хаҭала ацҳаражәҳәаҩ Фишери иҿагыланы агитациа мҩаҧыргоит. Убри аҟынтә, адәныҟатәи аусқәа рминистр Иоҳан Вадефуль, анеҩстәи ашьаҿақәа рҳәаақәҵаразы, ацҳаражәҳәаҩ Фишер диҧхьарц иӡбеит. Уаҵәы Адәныҟатәи аусқәа рзы Евроеидгыла Ахеилак Қырҭтәыла азҵаара иахәаҧшуеит», — иануп аҳәамҭаҿы.