Акциа алахәылацәа руаӡәы иажәақәа рыла, акциаҿ дыҟан Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер
Акциа алахәылацәа руаӡәы Мамука Цацқириӡе иажәақәа рыла, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуаз акциаҿ дыҟан Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер. Ари атәы Цуцқириӡе асоциалтә ҳаҿы ааицҳар, ацҳаражәҳәаҩ иҟны иҭихыз апатреҭ ицәыригеит.
Цуцқириӡе ишааицҳаз ала, Петер Фишер акциа алахәылацәа дрыдгылеит.
“Ацҳаражәҳәаҩ иҳзааирԥшыз иаҳзыԥшымыз адгылара. Аҩныҟа сцар анысыӡба, Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер даҳзааигәахан, даҽазнык адгылара ҳзааирԥшит”, – иҩит акциа алахәылацәа руаӡәы Мамука Цацқириӡе