Петер Фишер – Германтәыла аиҳабыра, ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала исыдгылоит
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер иҳәамҭала, европатәи аусқәа рзы Германтәыла аҳәынҭқарратә министр диацәажәеит, иара Қырҭтәыла уажәтәи ахырхарҭа даараӡа даргәамҵуеит.
Фишер ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Сара европатәи аусқәа рзы Германтәыла аҳәынҭқарратә министр Гиунтер Крихбаум сиацәажәеит. Иара Қырҭтәыла уажтәи ахырхарҭа даараӡа даргәамҵуеит. Германтәыла аиҳабыра, ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала исыдгылоит. Ҳәарада, Германтәыла амчылара иақәыӡбоит. Саргьы аргама уи сҳәеит. Егьирахь иаладырҵәо аинформациа ииашам», — иҩит Фишер.