Пентагон - Ллоид Остин  Урыстәыла атәылахьчара аминистр диацәажәан, Урыстәылахь  ааҧхьара ҟаиҵеит Украинаҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца ааныркыларц
Пентагон - Ллоид Остин  Урыстәыла атәылахьчара аминистр диацәажәан, Урыстәылахь  ааҧхьара ҟаиҵеит Украинаҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца ааныркыларц

Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид Остин  Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу диацәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Пентагон.

«Лаҵара 13 рзы,  жәабран 18 инаркны раҧхьаӡа акәны, атәылахьчара аминистр  Ллоид Остин Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу диацәажәеит. Остин Урыстәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Украинаҿ амца ааныркыларц. Иара убас, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит аимадара анагӡара аҵакы ду шамоу», — иануп Пентагон аҳәамҭаҿы.