Орбелианиаа рхан аҟны Монтенегро ахада иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥысит
Орбелианиаа рхан аҟны Монтенегро ахада иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥысит

Орбелианиаа рхан аҟны Монтенегро ахада Мило Џьуканович иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥысит. Ҩ-тәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, иацы Монтенегро ахада Мило Джуканович аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.

Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура аинформациа ала, аԥылара аофициалтә церемониаҿ инагӡан Қырҭтәылеи Монтенегрои ргимнқәа.

Аԥылара ацермониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу Монтенегро аҩызаратә гәыԥ анапхгаҩы Ҭамар Талиашвили, ахада ладминистрациа аиҳабы Наҭиа Сулава, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Џьанџьалиа, Монтенегро иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Заал Гогсаӡе, ахада лыбжьагаҩ Лиана Џьервалиӡе,  Қырҭтәыла иҟоу Монтенегро ацҳаражәҳәаҩ Драгика Понорак, Монтенегно ахада ибжьагаҩ ҷыда Милан Рожен, Монтенегро ахада ибжьагаҩ адәныҟатәи зҵаарақәа рзы Ҭамар Бокучава.

Аԥылара аофициалтә церемониа ашьҭахь ахадацәа ишиашоу аиԥылара мҩаԥыргоит. Уи ашьҭахь Саломе Зурабишвилии Мило Џьукановичи аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.