Олаф Шольц - Украина макьана Нато изалалом
Олаф Шольц - Украина макьана Нато изалалом

«Украина хара имгакәа Нато изалалом», — Die Welt  аинфтервиу аҿы иазгәеиҭеит Германтәыта аканцлер Олаф Шольц.

Олаф Шольц иажәақәа рыла, Украина иахьазы Нато амоу акритериқәа рынагӡара алшом.

«2008 шықәсазы, Бухаресте НАТО кыраамҭатәи аперспективақәа иҳәаақәнаҵаз аӡбара аднакылеит. Ари хара имгакәа шыҟамло зегьы ирдыруеит. Украина иахьазы Нато амоу акритериқәа рынагӡара алшом», —иҳәеит Германтәыта аканцлер.