Ниу-Иорк апрокурор хада Дональ Трам иҿахәы иҿихуеит
Ниу-Иорк апрокурор хада Дональ Трам иҿахәы иҿихуеит

Нанҳәа 10 рзы, Ниу-Иорк апрокурор хада ЕАШ ԥасатәи ахада  Дональ Трам иҿахәы иҿихуеит. Трамп аҭоубы анышьҭеиҵо, аҿахәҿыхра апроцедура алагоит. Ари атәы аанацҳаит CNN.

Трамп изықәдыргыло азҵаарақәа аҭак рзыҟаиҵо рзыҟамҵо идырым, уи ахәбатәи аԥсахра ихы иаирхәар, иара убас аҿахәҿыхра ашәқәа рҟны амҩаԥгара аҳәара иқәиргылар илшоит.

Трамп идукат алкаақәа ҟаимҵаӡацт.