Николоз Самхараӡе  - Қырҭтәыла апрогресс ду аанарҧшит, Евроеидгыла атәылақәа аӡбара ииаша  рыдыркылап,  Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьап ҳәа ҳгәыҕуеит
Николоз Самхараӡе  - Қырҭтәыла апрогресс ду аанарҧшит, Евроеидгыла атәылақәа аӡбара ииаша  рыдыркылап,  Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьап ҳәа ҳгәыҕуеит

Адәныҟатәи аусқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе   GLOBSEC — Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Братислава имҩаҧгаз адискуссиа ихы алаирхәит.  Адискуссиа Евроеидгыла арҭбаареи  «Мрагыларатә агәылареи» иазкын.

«Уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьеи апроблемақәеи рымшала европатәи ашәарҭадара ҳаиҭахәаҧшроуп. Қырҭтәыла апрогресс ду аанарҧшит,  Евроеидгыла атәылақәа аӡбара ииаша  рыдыркылап,  Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьап ҳәа ҳгәыҕуеит. Уи ҳажәлар мацара ракәымкәа,  Москвазгьы ашьҭымҭа ҕәҕәа еиҧшхоит, Кремль ахаҭарнакцәа еилыркаауеит ҳтәыла иаҿагыланы агрессиатә деструктивтә ауранагӡара уаҳа ишрылымшо», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.