Никол Ҧашиниан  - Ҳрегионахь аҭынчра хынҳәит, уажәшьҭа акоуп иаҳзаанхаз, – аидараеикәшареи, мышхәыбзазареи, аҿиареи реизырҳара, уи абзоурала Аахыҵ Кавказ иаҳа иҕәҕәахоит
Никол Ҧашиниан  - Ҳрегионахь аҭынчра хынҳәит, уажәшьҭа акоуп иаҳзаанхаз, – аидараеикәшареи, мышхәыбзазареи, аҿиареи реизырҳара, уи абзоурала Аахыҵ Кавказ иаҳа иҕәҕәахоит

«Ҳрегионахь аҭынчра хынҳәит, уажәшьҭа акоуп иаҳзаанхаз, – аидараеикәшара аизырҳареи, аенергетикатәи аелектронтәи аҳақәа рырҭбаареи, мышхәыбзазареи  аҿиареи аизырҳареи, уи абзоурала Аахыҵ Кавказ иаҳа иҕәҕәахоит», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан  «Абырфынтә мҩа» Қарҭтәи афорум аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рыжәларқәа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы апотенциал рымоуп.

«Сколлега, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ари афорумахь ҳааҧхьареи уи аҽалархәра алшареи азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит.  „Абырфынтә мҩа Қарҭтәи афорум“ аҩынтәраан аҽалархәра сара сзы ҳаҭыр дууп. Афорум ахьӡ алагьы иубарҭоуп уи еиуеиҧшым атәылақәа рофициалтә хаҿқәеи, хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәеи, жәларбжьаратәи аекпсертцәеи  рзы зҵакы дуу платформас ишыҟалаз, дара аидеиа ҿыцқәа реиҭныҧсахлара рылшоит. Абри аплатформа абзоурала Шәамахьтәылеи Азербаижьани рыбжьара аҭынчратә проект нагӡан, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рацәа ари апроект иазыразын.

Шәамахьтәылеи, Ирани, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи  мацара ирылсны акәымкәа, аҳәаақәа зегьы раартрала  арегионалтәи жәларбжьаратәии атранспорт-коммуникациатә алшарақәа рырҿиара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп.

2025 шықәса нанҳәазы, Америка ахада иинициативала, Вашингтон, сареи Азербаиџьан ахадеи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаааҩит, Дональд Трампгьы уи инапы аҵаиҩит.  Ари адекларациа арегионалтә коммуникациақәа ирызкуп. Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп аибабареи, аусеицуреи, адиалоги аҵакы ду шрымоу. Уи арегионаҿ аҭышәынтәалара иацхраауеит. Ҳара Шәамахьтәыла аҵакырадгьыл ала Азербаиџьани Нахичевантәи автономиеи реимадара еиқәҳаршәоит. Абарҭ ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәа ирыцхраауеит. Азербаиџьан зҵакы дуу ашьаҿа ҟанаҵеит, ари аидеиа апрактикаҿы инарыгӡеит», — иҳәеит Ҧашиниан.