Ника Гварамиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала,  Саакашвили Гори иҟоу агоспиталь ашҟа ииагара ргәы иҭоуп, уаҟа ауаҧстәи аотриад ҷыда ала иҕьычра еиҿыркаар ҟалап  
Ника Гварамиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала,  Саакашвили Гори иҟоу агоспиталь ашҟа ииагара ргәы иҭоуп, уаҟа ауаҧстәи аотриад ҷыда ала иҕьычра еиҿыркаар ҟалап  

Ҳара иҳамоу аинформациа ала,  Саакашвили Гори иҟоу агоспиталь ашҟа ииагара ргәы иҭоуп, уаҟа ауаҧстәи аотриад ҷыда ала иҕьычра еиҿыркаар ҟалап, — ажурналистәа ари атәы ирзааицҳаит  «Мҭавари архи» агенералтә директор Ника Гварамиа, иахьа уи абахҭаҿы Михаил Саакашвили дибеит.

«Саакашвили  абахҭатә хәыштәырҭашҟа аиасра игәы иҭам. Иҳамоу  аинформациа ала,  Гори иҟоу агоспиталь ашҟа ииагара ргәы иҭоуп, уаҟа ауаҧстәи аотриад ҷыда ала иҕьычра еиҿыркаар ҟалап. Ҳара ари аинформациа ҳамоуп, акгьы шәзыҟаҵом. Абаандаҩцәа зегьы иахьнарго ареферелтә хәышәтәырҭа иҟоуп. Иаргьы уахь диаргааит», — иҳәеит Ника Гварамиа.