Ника Гварамиа – Хәыҷык ауп иаанхаз, аолигархиа каҳароуп
Ника Гварамиа – Хәыҷык ауп иаанхаз, аолигархиа каҳароуп

«Иаҳзеиҧшу апозициа  — азакәандаратә парламент азхаҵаразы мапкра ахадаратә ҵакы аман. Абри ауп арежим иаҧырхагахаз, дара аҳәаанырцәынтә азхаҵара змам мчыс иҟалеит, аӡәгьы драцәажәом, уи аполитикатәи асоциалтәи ганахьала иҟәаҟәоу структуроуп», — иҩит апартиа «Ахали» алидер  Ника Гварамиа асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, аполитбаандаҩцәа рыламысроуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» арационалтә шьаҿақәа рыҟаҵара рылзмыршо.

«Акыр иаҧсоу аоппозициатә аҳәсеи ахацәеи, ҳара ҳпозициа ҕәҕәа  — азакәандаратә парламент азхаҵаразы мапкра ауп арежим зырҧсыҽыз.  Дара аҳәаанырцәынтә азхаҵара змам мчыс иҟалеит, аӡәгьы драцәажәом, уи аполитикатәи асоциалтәи ганахьала иҟәаҟәоу структуроуп.

Акыр иаҧсоу аполитбаандаҩцәа, арежим атҟәацәа: шәара шәыламысроуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» арационалтә шьаҿақәа рыҟаҵара рылзмыршо.

Атәылауаҩратә сектори, академиатә уаажәларреи, насгьы, ҳәарада, ихьыҧшым АИХқәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Хәыҷык ауп иаанхаз! Аолигархиа каҳароуп!

P.S. Сара асаботаж шәсырбап», — иҩит Ника  Гварамиа.

Иахьа Қырҭтәыла Апрокуратура хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ишеилкаахаз ала,  Михаила Саакашвилии, Гьаргь  Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елена Хоштариеи,  Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ус хацыркуп. Апрокуратура адыррақәа рыла,  Ника Гварамиа асаботаж ихарарҵоит.