Нед Праис - 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла иақәлеит, Украина ақәларала иаҳбарҭоуп Москва агәыла-тәылақәа рсуверенитет пату шақәнамҵо, ари атәыла узықәгәыӷыртә иҟоу партниорс аԥхьаӡара шыҟамло
Нед Праис - 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла иақәлеит, Украина ақәларала иаҳбарҭоуп Москва агәыла-тәылақәа рсуверенитет пату шақәнамҵо, ари атәыла узықәгәыӷыртә иҟоу партниорс аԥхьаӡара шыҟамло

2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла ақәлеит, Украина аҟәларала иубарҭоуп Москва агәыла-тәылақәа рсуверенитет пату шақәнамҵо, ари атәыла узықәгәыӷыртә иҟоу партниорс аԥ хьаӡара шыҟамло, – иҳәет ЕАШ аҳәынҭҵарратә департамент апресспикер Нед Праис.

“Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа анҳамоу, хықәкы заҵәык ауп иҳамоу – амчылара аанкылареи арҭ атәылақәа рҿы аҿҳәарарацәатә ҭынчра ашьақәыргылара. Арҭ атәылақәа рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоитурҭ рзы зегь реиҳа ихырҳагоу аформат ахь ииасырц. Ишиашоу адиалог азҵаарақәа рыӡбареи аҭынчра ашьақәыргылареи алшоит ҳәа ҳгәы ианагоит. Урыстәылатәи афедерациа ахцәажәара сҭахым, исҳәо акоуп – арҭ ҩтәылак ирыӡбароуп рхала ирыӡбароуп аиҿцәажәарақәа зеиԥшрахо. Адунеи аҿы агәылацәа рызҵаара иадҳәалоу Урыстәыла аҭоурых ибзиаӡаны ирыруеит. 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла ақәлеит, Украина аҟәларала иубарҭоуп Москва агәыла-тәылақәа рсуверенитет пату шақәнамҵо, ари атәыла узықәгәыӷыртә иҟоу партниорс аԥ хьаӡара шыҟамло. ЕАШ Урыстыла еиԥшым. Даҽазнык исҳәоит – хықәкы заҵәык ауп иҳамоу – амчылара аанкылареи арҭ атәылақәа рҿы аҿҳәарарацәатә ҭынчра ашьақәыргылара”,- иҳәеит ЕАШ аҳәынҭҵарратә департамент апресспикер Нед Праис.